Аԥсны

Ҷавҷаваӡе: ашкол саналга "аԥсуа" ҳәа ашәҟәы сҽанысҵеит

Sputnik
Агәымшәараз амедал занашьоу аибашьра аветеран Замира Ҷавҷаваӡе ашкол даналгаз "аԥсуа" ҳәа лҽанылҵахьан, милаҭла дшақырҭуазгьы, убасҟаак агәыбылра лыман дахьиз-дахьааӡаз лыԥсадгьыл. Аибашьраан лҭаацәеи лареи зҭагылаз, еибашьра дышцаз, лашьцәагьы аӡәк иеиԥшы Аԥсны ахьчара ишгылаз уҳәа ртәы Замира еиҭалҳәеит арадио Sptunik Аԥсны аефир аҿы. Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.