Аԥсны

"Град", "Циклон", авиациа: арратә Парад Аҟәа ишымҩаԥысыз

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз имҩаԥгаз арратә парад иалахәын 1500-ҩык аррамаҵзурауааи амчратә усбарҭақәа русзуҩцәеи.
Sputnik
Ахақәиҭра ашҭа ианысит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи аныҳәа аҽалархәразы ареспубликаҟа иааз ахатәгәаԥхаҩцәеи.
Ахақәиҭра ашҭахь инаргеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟи Аиааира абираҟи. Атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи апарад анапхгаҩы Беслан Ҵәыџьбеи рмашьынақәа еиԥылеит. Ҵәыџьба адырра ҟаиҵеит апарад иалахәу аусбарҭақәа зегьы уи ақәсра ишазхиоу.
Апарад иалахәын Аԥсны Атәылахьчара аминистрра архәҭақәа зегьы, иара убас амчратә усбарҭақәа зегьы рхаҭарнакцәа - Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура, Амиграциатә маҵзура, Аҳазалхратә еилакы, АҶА, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура, иара убас ихьанҭоу атехникеи авиациеи.
Раԥхьаӡа акәны сынтәа Аиааира апарад иалахәуп Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу ҩ-гәыԥк, урҭ ирылахәуп иҷыдоу аҟәша аибашьцәеи амилициа ашкол акурсантцәеи.
Есышықәса ишаԥу еиԥш, сынтәагьы апарад иалахәуп 7-тәи аурыс арратә базеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ иатәу Аҳәаахьчаратә маҵзура, иара убас ареспубликаҿы инхо аказакцәа.
1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира Амш - Аԥсны реиҳа акрызҵазкуа аныҳәақәа ируакуп. Цәыббра 30 рзы атәыла ахи-аҵыхәеи иахьабалак агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа еиҿкаауп.