АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik. Аԥсни Башкириеи агәабзиарахьчара аусхк аҟны аус еицырур рылшоит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны арҭ амшқәа рзы иааны иҟоу Ареспублика Башкортосҭан ахада Радии Хабиров.
Хабиров иргәалаиршәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ареспубликахь ишааз башкириатәи аҳақьымцәа, дара ихәыз аԥсуа еибашьцәа ԥырҟон.
"Аҭынч ԥсҭазаараҿы Аԥсны аус ацура еснагь ҳазҿлымҳан. Уи азы иахьа аус адулара ҳаҿуп "Башкириатәи ақәра рацәа - Аԥсны" ("Башкирское долголетие - Абхазия" - азгә.). Хара имгакәа 50-ҩык рҟынӡа ҳветеранцәа ԥсшьара ҳәа арахь иаауеит, дара иргәаԥхар, "аԥсшьара ҳазхиоуп" рҳәар, ҳаргьы, Белоруссиа еиԥш, ԥсшьара иааҳашьҭлоит", - иҳәеит иара.
Уи адагьы, Аԥсни Башкириеи ақыҭанхамҩа ахырхарҭаҿы аусеицура рылшоит, уи ахырхарҭаҿы аимадарақәа шьақәгылахьеит.