Аԥсны

Ортега Бжьаниа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 30 шықәса рхыҵра идиныҳәалеит

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра цон 413 мши-ҵхи. Цәыббра 30 рзы ҳтәылаҟны иазгзарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik. Никарагуа ахада Даниель Ортега Сааведраи аԥыза-министр Росарио Мурильои Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Аиааира амш идырныҳәалеит.
"Ҳазхаҵара шьақәҳарӷәӷәоит, зхьыԥшымреи ҿыӷәӷәала изыхьчо, фырхаҵара згым аԥсуа жәлар наунагӡа ҳрыцуп", - аҳәоит адныҳәалараҿы.
Никарагуа анапхгара аҩ-тәылак рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи ишазыхиоу атәы азгәанаҭеит.