Аԥсны

Шамба: Аԥсны арратә мчра арӷәӷәоит Қырҭтәыла адеструктивтә мчқәа ирхырҟьаны

Иахьа Аԥсны иазгәарҭоит аибашьраҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵра Амш.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik. Аԥсны аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы арратә мчра арӷәӷәо иалагеит "Аԥсны ырхынҳәтәуп" ҳәа иқәгылоу Қырҭтәыла адеструктивтә мчқәа ирхырҟьаны ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
Уаанӡа Қырҭтәыла аоппозициаа рмитингқәа рҟны "Аԥсны ырхынҳәтәуп" ҳәа ақәгыларақәа ҟарҵеит.

"Ақырҭцәа рыхәҭак ари азҵаара амч ахархәарала аӡбара ауа џьыршьоит. Цқьа уазхәыцыр, ус акы иаԥшьыргар, Қырҭтәыла зыниаша убартә иҟоуп. Ҳәарада ҳара ҳзгьы уи бзиарак ала маха дара рызгьы ихәарҭарахом. Убри азы иҟоу шыҟоу адкылара еиҳа еиӷьуп",- иҳәеит иара.

Шамба иҳәеит аҭынчраз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра азҵаара иалацәажәоижьҭеи акыр шыҵуа, аха ақырҭуа ган макьаназы уи адокумент анапаҵаҩра ишақәшаҳаҭым.
"Иахьазы Қарҭ аполитикатә ҭагылазаашьа шыҟоу ала, аполитикатә еизыҟазаашьақәа реиӷьтәра шалымшо убоит, уатәи аҩнуҵҟатә еибарххарақәа ирҿырԥшны. Иҟалашагь ҳаздырам. Иҟалоит зынӡа ҳазқәымгәыӷӡо аҭагылазаашьала аҽеиҭакра ҟалар. Аҭынчра уҭахызар, аибашьра уазыхиазароуп ҳәа ирҳәо ацныҟәара еиӷьуп", - иҳәеит Шамба.
Аԥсны
Аиааирахь амҩа: 413 мшы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра шцоз