Аԥсны

Аҵарауаа Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарраҿ аҵиаа амшынтә панкрациа аҭагылазаашьа ҭырҵааит

Амшынтә панкрациа - Амариллистә ҭаацәара иаҵанакуа ашьаҭахы ҟазҵо ҵиаауп, иара азҳауеит агаҿа аԥслымӡраҿ аҩадеи мрагылареи Амшынбжьаха аԥшаҳәаҿи Амшын еиқәа алада- мрагылара аԥшаҳәа аҟни.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 1- Sputnik. Риҵатәи апарки Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарреи русзуҩцәа зеиуа маҷу аҵиаа амшынтә панкрациа аҭагылазаашьа аҭҵааразы аусурақәа еицымҩаԥыргеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит аҭҵаарадырраз Риҵатәи ареликттә парк аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Инга Ҭаниаԥҳа.

"Ари аҵиаахкы аныӡӡаразы ашәараҭара ыҟоуп. Уи зыхҟьогьы, аибашьра ашьҭахь ари аҭыԥ аҟны ихҟаамкәан иаанхеит, арахәи ауааи иркәаҳаит. Иахьатәи аамҭазгьы ари аҭыԥ аҟны ахәҳаахәҭреи акрыфарҭа ҭыԥқәеи ыҟоуп", - лҳәеит лара.

Ҭаниаԥҳа иазгәалҭеит, амшынтә панкрациа уаанӡа Цандрыԥшьи Бамбореи иахьрыҵанакуа аҭыԥқәа рыҟны ишуԥылоз. Иара СССР Ашәҟәы ҟаԥшь ишаныз.
"Иахьа арҭ адгьыл ҵакырақәа ауаа иахьыртәыртәуа иахҟьаны аҵиаа аныӡӡараз ашәарҭара ыҟоуп. Иахьа амшынтә панкрациа Пицунда аҳәырԥсарра иахьаҵанакуа ҭыԥк аҿы мацара ауп иахьызҳауа, амшын аҟәара "Акурорт Пицунда" иазааигәан амзараҿ", - лҳәеит Ҭаниаԥҳа.
1 / 2

Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарра аҿы аҵиаа амшынтә панкрациа аҭагылазаашьа аҭҵаара

2 / 2

Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарра аҿы аҵиаа амшынтә панкрациа аҭагылазаашьа аҭҵаара

Аԥсуа ҵарауаҩ ихымԥадатәны илԥхьаӡоит, Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарра хкааны акыдҩылаарақәа рыҟаҵара. Ҭаниа лажәақәа рыла акыдҩылаарақәа рзы Риҵатәи амилаҭ парк аиҳабыра арацәажәара лгәы иҭоуп.
Илҳәеит, аҭыԥқәа аҭҵаараан ишырбаз амшынтә панкрациа ашьаҭақәеи ажәлеи.
"Сара арҭ ажәлақәа ласҵеит, аԥхьаҟа сгәы иҭоуп дара ахьызҳауа аҭыԥахь иганы аиҭаҳара. Аха уи аҭыԥ хкаатәуп аӡәгьы дҭамларц азы. Ари адунеи аҟны иԥыршәахьоу усуп аҵиаақәа реиқәырхаразы", - ҳәа азгәалҭеит Ҭаниаԥҳа.
Аҭҵаарадырраз Риҵатәи ареликттә парк аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ԥицунда иаланхо рахь ааԥхьара ҟалҵоит иаарыкәыршан иҟоу аԥсабаратә еилазаара еиҷаҳарц. Ус анакәымха хара имгакәан азҵаара цәырҵоит пицундатәи амзара ахаҭа аиқәырхаразгьы.
Ашәҟәы ҟаԥшь иану: 55 шықәса зхыҵуа Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра иаци иахьеи