АҞӘА, жьҭаара 1- Sputnik. Урыстәыла 2008 шықәса раахыс хәыда-ԥсада Аԥсны 110 млрд мааҭ инареиҳаны афинанстә цхыраара анаҭеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа ТАСС аинтервиу анеиҭоз.
"Амҩақәа, ашколқәа, ацҳақәа, аӡымҩангагақәа, астадионқәа, атеатрқәа, ахәшәтәырҭақәа, арлашарақәа - 2008 шықәса раахыс ареспубликаҿы 95% еиҭашьақәыргылоуп Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Урыстәыла аинвестпрограммала", - иҳәеит Бжьаниа.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит Аԥсны инарыгӡо аекономикатә проектқәа иаҳа асистематә ҟазшьа рымазароуп, еиҳа ирацәазароуп ҳәа.
Бжьаниа иажәақәа рыла, асасдкылара, ақыҭанхамҩа, Аԥсны атранзиттә лшарақәа - абарҭ ахырхарҭақәа роуп аҳәынҭқарра еизҳазыӷьарц азы ирҿиалатәу.