Аԥсны

Аслан Бжьаниа Шәача Лаврови Џьиоеви дырԥылараны дыҟоуп

Аиԥылараҟны иара убасгьы иалахәхоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 2- Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҩаша, жьҭаара 3 рзы Шәача диԥылоит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Абри атәы аанацҳауеит урыстәыла АдәАР апресс-маҵзура.
Ҩ-ганктәи аиԥылара анаҩсгьы иазгәаҭоуп х-ганктәи аиԥыларагьы. Уаҟа иалахәхоит Лавров, Бжьаниа, Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев, иара убас ҩ-республикак рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа - Инал Арӡынба, Ахсар Џьиоев.
Аганқәа алацәажәоит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара азҵаарақәа, арегиони жәларбжьаратәии ауадаҩрақәа, иара убасгьы иазааҭгылоит Аахыҵ Кавказ аҭынчреи ашәарҭадареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа аиҿкааратә механизм.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рнапы аҵарыҩуеит 2024-2025 шықәсқәа рзтәи адәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыбжьара аилацәажәара ауснагӡа.