Аԥсны

АДәАР: Урыстәылеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи арра-политикатә хырхарҭала русеицура дырӷәӷәоит

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров хаз-хазы Шәача дырԥылеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи, Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоеви.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik. Урыстәылеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи арра-политикатә хырхарҭала русеицура дырӷәӷәоит, иара убас аекономикеи, аинвестициатә хырхарҭақәа рҟны, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АДәАР.
"Урыстәылеи Аҟәеи, Урыстәылеи Цхьынвали еицырзеиԥшыз азҵаарақәа ирылацәажәеит, арра-политикатәи, асоциал-економикатәи, аинвестициатә хырхарҭақәа рыла русеицура иазааҭгылеит. Рҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбразы алҵшәа бзиақәа ыҟоуп", - ҳәа азгәарҭеит адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы.
Иазгәаҭоуп, аганқәа ирҳәеит "имариам агеополитикатә ҭагылазаашьа аамҭазы рҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа рынагӡара ишазыхиоу" атәы.
Аиԥылара алҵшәақәа рыла, Аԥсни, Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа 2024-2025 шықәсқәа рзтәи аконсультациақәа Рыплан рнапы аҵарҩит.