Аԥсны

Черниавски имҩа Аԥсны Афырхаҵа Салыбеи Арӡынба ихьӡ ахырҵоит

Салыбеи Арӡынба- ауаажәларра-политикатә партиа "Амцахара" ашьаҭаркҩы, Аԥсны Афырхаҵа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 3 – Sputnik. Черниавски имҩа Аԥсны Афырхаҵа Салыбеи Арӡынба ихьӡ ахырҵоит.

Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахада Дмитри Осиа иажәақәа рыла, Черниавски имҩа аҳҭнықалақь ахсаалаҿы иаанхоит, избан акәзар абжьаларҭа Черниавски шыҟоу иаанхоит.

Салыбеи Арӡынба- ауаажәларра-политикатә партиа "Амцахара" ашьаҭаркҩцәа дыруаӡәкуп, Аԥсны Афырхаҵа. Диит Дәрыԥшь ақыҭан, Жәлар Рфорум далахәын. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналага Сергеи Дбари, Гиви Агрбеи, Мушьни Хәарцкьиеи дрывагыланы Гәымсҭатәи афронт аиҿкаара далахәын.