Аԥсны

Лавров: Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз аҳәынҭқаррақәа рхыԥхьаӡара ҳарҭбаауеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови Шәача еиԥылеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 3 – Sputnik. Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз аҳәынҭқаррақәа рхыԥхьаӡара ҳарҭбаауеит, абри атәы иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи иареи реиԥылараан.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономикеи асоциалтә усхки налаҵаны ахырхарҭақәа зегь рҿы ашьақәгылара ҳшацхраауа шьақәсырӷәӷәоит, ҳәарада, арахь иаҵанакуеит жәларбжьаратәи аренаҿы ҳаиныррагьы", - иҳәеит Лавров.

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идиныҳәалеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵреи Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса рхыҵреи.