Аԥсны

Лавров Бжьаниа ҭабуп ҳәа иеиҳәеит операциа ҷыда аибашьцәа ирырҭо агуманитартә цхырааразы

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 3 – Sputnik. Сергеи Лавров Аслан Бжьаниа ҭабуп ҳәа иеиҳәеит арратә операциа ҷыда аибашьцәа агуманитартә цхыраара ахьриҭаз азы.
Иахьа Шәача имҩаԥысит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистри Аԥсны ахадеи реиԥылара.
Аиԥылараҟны ирылацәажәан ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рактуалтә зҵаарақәа, арегионалтәии жәларбжьаратәии апроблематикақәа азҵаарақәа.
"Ҭабуп ҳәа ахысҳәаар сҭахуп арратә операциа ҷыда иалахәу ҳаибашьцәа ацхыраара ахьырзыҟашәҵо, сақәгәыӷуеит Урыстәыла ахада иқәгыларақәа рҟны дыззааҭгыло алҵшәақәа рынагӡараҿы уи хәарҭахап ҳәа", - иҳәеит Лавров.
Аԥсны
Лавров: Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз аҳәынҭқаррақәа рхыԥхьаӡара ҳарҭбаауеит