Аԥсны

Путини Бжьаниеи еиԥылараны иҟоуп жьҭаара 4 рзы

Аслан Бжьаниа аусутә еилацәажәарақәа рзы Урыстәыла дыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 3 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путини Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи еиԥылараны иҟоуп жьҭаара 4 рзы, абри атәы аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.

"Еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны ҩ-ганктәи аусеицура аҿиара ԥхьаҟатәи азҵаарақәа ирылацәажәараны иҟоуп",- аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови Шәача еиԥылеит жьҭаара 3 рзы.
Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа аконсультациақәа Рыплан рнапы еицаҵарҩит.
Аԥсны
Лавров: Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз аҳәынҭқаррақәа рхыԥхьаӡара ҳарҭбаауеит