Аԥсны

Аԥсны закәаншьаҭада иалыргоз аҭаҭын арратә операциа ҷыда аибашьцәа ирзырышьҭит

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын ииаргон аҳазатә хылаԥшырҭа иацәыҵәахны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Аԥсны закәаншьаҭада иалыргоз х-нызқь ҭоԥ аҭаҭын арратә операциа ҷыда аибашьцәа ирзырышьҭит.
Аконтрабанда аадырԥшит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы. Аҭаҭын аалыҵ Аԥсны иалыргон аҳазалхратә закәанԥҵара еилаганы, ашәҟәы иҭамгалакәа, иахәҭоу адокументқәа рыцымкәа.
Закәаншьаҭада имҩаныргоз атауар рымхын административтә ус аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Уаанӡа, цәыббрамзазы аибашьцәа ирзышьҭын 10 000 ҭоԥ аҭаҭын, 300 литра инацны абзазаратә химиа, асалфеҭка цәаакқәа 10 ҭоԥк.