АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. Аинтеграциатә процессқәа рылахәра, арратә усхкы аҿгьы, - Аԥсны иамоу асуверенитет иабзоураны илнахыз мҩоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба. Абри атәы аанацҳауеит АДәАР Амедиацентр.
"Урыстәылатәи Афедерациа Арра-Мшынтә Флот аматериал-техникатә инфраструктуразы аҭыԥ Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аԥҵара ҳажәлар рҭахра хадақәа ирықәшәоит, ҳшәарҭадара арӷәӷәара иацхраауеит", - иҳәеит иара.
Арӡынба иазгәеиҭеит Қырҭтәылеи ҳареи ҳабжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳҩыр шакәу, Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа аҽрылагалара шыҟамло.
"Ари азҵаара аӡбара аҿҳәара инахатәым. ҲАра аҭынчра ҳадгылаҩцәоуп. Аха Қырҭтәыла апозициа Алада Кавказ арегион аҿы ашәарҭадара аиӷьтәра иаԥырхагоуп", - ҳәа ануп аминистр иҟаиҵаз аҳәамҭаҟны.