Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аԥсны аинтеграциатә процессқәа рылахәра ахәшьара аиҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2023
Анапаҵаҩра
Абҵара 24, 2014 шықәсазы анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Урыстәыла Аԥсны аинтеграциатә еидгылақәа рылахәраҿы ацхыраара анаҭоит.
АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik. Аԥсны асоветаамҭашьҭахьтәи аҵакырақәа рҿы имҩаԥысуа аинтеграциатә процессқәа рылахәра ареспублика адәныҟаполитикатә хықәкқәа ирықәшәоит ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа "Известия" аинтервиу аҭо.
Бжьаниа иазгәеиҭеит ҳаамҭазтәи иҭышәынтәалам адунеи аҿы ареспублика иацәыуадаҩуп ахала аҟазаара, иҳадаҳкылахьоу аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа шьақәҳаргылоит уа ишарбоу аиԥш, арахь иаҵанакуеит Москва алахәрала имҩаԥырго аинтеграциатә еидгылақәа рылахәхарагьы.
"Белоруссиа инаваргыланы аидгылатә еиқәшаҳаҭра алахәхара ииашоу хырхарҭаны иҳаԥхьаӡоит, Аԥсны аинтересқәа ирықәшәоит. Избанзар, ихьыԥшым ареспубликақәа реидгылара иҿыцу лшароуп арҭ аҳәынҭқаррақәа рҿы инхо аетносқәа рыҿиаразы, ршәарҭадара ҳаранакуеит. Аидгылатә ҳәынҭқарра алахәхара сара сгәаанагарала ҳҳәынҭқарра, ҳажәлар ринтересқәа ирықәшәо процессны избоит", - ҳәа иҳәеит ахада.
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2023
Аԥсны
Арӡынба иҳәеит Белоруссиа економикала де-факто Аԥсны азханаҵеит ҳәа
Ажәабжьқәа зегьы
0