Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ануа Аԥсны Арбџьармчқәа реиқәыршәашьа иазкны

Sputnik
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазку арратә парад аҟны сынтәа раԥхьаӡа акәны Атәылахьчара аминистрра ицәырнагеит аԥырҩы дызҭам арратә хархәагақәа. Аԥсны Арбџьармчқәа рминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа аамҭа иақәшәо атехникеи, жьҭаарамза 11 рзы 31 шықәса зхыҵуа ҳарбџьарымчқәа рҭагылазаашьеи ртәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит.
“Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рзы Аҳәынҭқарра ахадеи ҳареи аицәажәара ҳаман. Иҟоуп аԥхьа иааҳхәақәаз ҩбаҟа. Еиҳа амчхара змаз рыхәқәа дуун, насгьы иҳауа-иаҳмоуа ҳаздырӡомызт. Убри азы ақәҵара ҳадаҳкылеит урҭ реиқәыршәара напы аҳаркырц. Иахьа урҭ еиқәзыршәо аҷкәынцәа азыҟаҵоуп", - иҳәеит Ануа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.