АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik. Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла HIMARS ахгәыцәқәа аабеи авиацитә бомба "JDAM" карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә ар, артиллериа УАМ аруааи арратә техникеи ааха рырҭеит 107 раион рҿы, иҭархоуп УАМ аџьаԥҳани абџьари рышьҭаҵарҭа.
Донецктәи ахырхарҭаҿы Киев уахыки-ҽнаки рыла иацәыӡит УАМ 210 солдаҭ, акәылӡмашьынақәа ԥшьба, автомашьынақәа фба, артиллериатә система М777, артиллериатә шьақәгылақәа "Акация", "Гвоздика", агаубица Д-20.
Запорожиатәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 35 украинатә еибашьҩы, акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа хԥа, артиллериатә шьақәгыла "Caezar", артиллериатә система М777, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", ҩ-гаубицак Д-30, "Мста-Б".
Купиансктәи ахырхарҭаҿы ааха рыҭоуп 25-тәи аҳауа -десанттә, 14-тәи, 115-тәи амеханизациа зызуу абригадақәа. Аӷа ицәыӡит 170 солдаҭ, апикапқәа ԥшьба, ҩ-гаубицак М109 "Paladin", Д-30.
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы УАМ иацәыӡит 80 украинатә еибашьҩы, ҩ-кәылӡмашьынак, ҩ-автомашьынак, агаубица Д-30, Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы–80 украинатә еибашьҩы, ҩ-автомашьынак, апушка "Пион", Херсонтәи ахырхарҭаҿы –45 еибашьҩы, ҩ- автомашьынак.