Аԥсны

Аибашьра аветерани иҭахаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рҭаацәеи ауадақәа рырҭеит

Гагра 2023 шықәса ареспубликаҿы ииубилеитәу шықәсуп, 30 шықәса ҵит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны аиааира ргеижьҭеи.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион анапхгара Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира ҳгеижьҭеи 30 шықәса аҵра аҳаҭыр азы аибашьра аветерани иҭахаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рҭаацәеи ауадақәа рырҭеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа.
"Агәымшәараз" амедал занашьоу аибашьра аветеран Асҭан Арсҭаа Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь инапынҵала х-уадакны иҟоу ауаҭах ирҭеит араион маҷ Асԥа аҿы. Асҭан Арсҭаа иԥҳәыси иареи хҩык ахшара рааӡоит. Уаанӡа дара Гагра ақалақь аҿы ауадақәа қьырала ирыҩнан. Ирыҭоу ауаҭахқәа рыхәԥса 1,25 миллион мааҭ иҟоуп. Аремонт амам", ҳәа азгәалҭеит Гәынԥҳа.
Иара убасгьы ауаҭахқәа рырҭеит Нхыҵ Кавказынтә хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз Рамзан Кунжуеви Али Нагаеви рҭаацәарақәа.
Кунжуеви Нагаеви рҭаацәарақәа шықәсқәак раԥхьа ахада иахь аҳәара ҟарҵеит ареспубликаҿы анхарҭаҭыԥ рырҭарц. Арзаҳалқәа Гагра араион ахадарахь инашьҭын. Убри инақәыршәаны араион маҷ Кемпинг аҿы ауаҭахқәа рзалхын. Кунжуевааи Нагаевааи Аԥсныҟа анхара ииасырц рыгәҭакуп.
Арадио
Арсҭаа Гагра араион аҟынтә ауада ахьиоуз азы: ари ҳара ҳзы нашанак иаҩызахеит