АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. "Алашарбага-Ҭәҳәыбын" иныҟәо аҟәатәи атроллеибус №2 аамҭала иаанкылоуп ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.
Аԥкрақәа зыдҳәалоу Ареспубликатә стадион аҿаԥхьа аремонттә усурақәа ахьымҩаԥырго ауп. Уа ирыԥсаххьеит аӡымҩангагақәа, идрыцқьахьеит ацрыҵцарҭақәа. Уажәазы аҩарцарҭақәа рыԥсахуеит, нас асфальт ҿыц шьҭарҵоит.
Аҳҭнықалақьтәи анхамҩа аусзуҩцәа иазгәарҭоит арҭ аусурақәа хымчыбжьа иреиҳамкәа ишцо.