Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Хәытаба Аԥсни Шьамтәылеи ахәаахәҭра аганахьала реимадара иазкны

Хышықәса раԥхьа жьҭаарамза 6 рзы Шьамтәыла иаартхеит Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа. Уи шыҟалаз атәы, насгьы изеиԥшроузеи аҩҳәынҭқаррак русеицура иахьа, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа аиҳабы Баграт Хәытаба.
Sputnik
Ацҳаражәҳәаҩ игәалаиршәеит ацҳаражәҳәарҭа аартран ишьақәгылаз аҭагылазаашьа, избан уи зымариамхаз.
Аҩҳәынҭқаррак рнапы зҵаҩны аус зуа аиқәшаҳаҭрақәа рахьынтә Хәытаба иаликааит 2021 шықәса рзы Башар Асади Аслан Бжьаниеи реиԥылара ашьҭахь иалыршахаз ацҳражәҳәарҭа аусзуҩцәа визида реиҭанеиааира. Аекономика аганахьала инеиҵыхны иҟоу аиқәшаҳҭра инамаданы, ҳаалыҵ Шьамтәылаҟа изго ыҟоуп, аха алшарақәа ырҭбаатәуп ҳәа азгәеиҭеит Хәытаба.
"Аԥсны-Шьамтәылатә еилакы аилатәара азгәаҭоуп, аха Шьамтәыла ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уадаҩ иахырҟьаны уи зымҩаԥымсит, ҳколлегацәа рҭак ҳазыԥшуп, ианыхиахо аамҭазы ҳаилатәараны ҳаҟоуп. Иазгәаҭоуп ахәаахәҭра аганахьала аиқәшаҳаҭрақәа рнапаҵаиҩра", - ҳәа иҳәеит Хәытаба.
Ацҳаражәҳәаҩ иҳәеит иҭыԥ аҿы илшо зегьы шыҟаиҵо, аха иаарласны Аԥсныҟа дхынҳәырц шиҭаху.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.