АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. Евроеидгыла агәҭынчымра ӷәӷәа аанарԥшуеит Урыстәыла Арра-Мшынтә Флот Аԥсны есымшатәи агыларҭа ахьыҟало азы. Абри аҳәамҭа кьыԥхьуп Евроеидгыла адәныҟаполитикатә усбарҭа аофициалтә хаҭарнак исаит аҿы.
"Урыстәыла наҟ-наҟгьы зыӡбахә аҳәо зегьы ҟанаҵо иалагар, арегион аҿы аҭышәынтәалара иаԥырхагахоит, аибарххара арҵысуеит", - ҳәа ануп аҳәамҭаҿы.
Евроеидгыла иара убас иргәаланаршәоит аиҿкаара ишадгылоу "Қырҭтәыла ахьыԥшымра, асуверенитет, жәларбжьара иазхаҵоу аҳәаақәа рҿы иҟоу аҵакыратә акзаара" ишадгылоу.
Уаанӡа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылеи Аԥсни шеиқәшаҳаҭхаз Очамчыра араион аҿы урыстәылатәи Арра-мшынтә мчқәа рфлот есымша иахьгылазаауа аҭыԥ аԥҵаразы ишеицәажәахьоу, аиқәшаҳаҭра рнапы шаҵараҩыхьоу.
Бжьаниа иҳәеит асеиԥш аӡбамҭа ҵаҵӷәыс ишамоу Аԥсни Урыстәылеи ртәылахьчаратә мчхара, избанзар атәылауаа рҭахра хадақәа ирықәшәоит.