https://sputnik-abkhazia.info/20231005/urystyla-amf-abaa-iaaimyraaka-rgylara-aloit-ochamchyra-araion-ay--1048468356.html
Урыстәыла АМФ аӷбақәа еснагьтәи ргыларҭа ҟалоит Очамчыра араион аҿы
Урыстәыла АМФ аӷбақәа еснагьтәи ргыларҭа ҟалоит Очамчыра араион аҿы
Sputnik Аҧсны
Аԥсни Урыстәылеи ашәарҭадара аусхк аҟны русеицура еиҳа-еиҳа идырҭбаауеит, имҩаԥыргоит аицҽазыҟаҵарақәа, агәыларатә ҳәынҭқарраҟны аԥснытәи аҟазауаа рдырра... 05.10.2023, Sputnik Аҧсны
2023-10-05T18:15+0300
2023-10-05T18:15+0300
2023-10-05T20:41+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/04/1047307819_0:171:3031:1876_1920x0_80_0_0_8c29728c5c20e217176f74e6f1d3f388.jpg
АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik. Урыстәыла Арра-Мшынтә Флот аӷбақәа еснагьтәи ргыларҭа ҟалоит Очамчыра араион аҿы ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа, "Известия" аинтервиу аҭо. Бжьаниа иҳәеит асеиԥш аӡбамҭа ҵаҵӷәыс ишамоу Аԥсни Урыстәылеи ртәылахьчаратә мчхара. Ашәарҭадара аӡбахә далацәажәо ахада иазгәеиҭеит Қарҭ макьанагьы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи мчыла рырхынҳәра мап шацәнамкуа, уажәтәи аԥыза-министр Иракли Гарибашвили дыпрагматикуп. Иара иаамҭазы аҭагылазаашьа аиҵаҟьара аӡәгьы иҽазишәом ҳәа. Ус шакәугьы Аԥсны иазгәарҭоит аҳауатә ҵакыра аилагарақәа америкатәи аҳаирплан-ԥшыхәгақәа рыла. Урҭ Қырҭтәыла аинтересқәа роуп ирыхьчо. "Убри азы иҳаӡбеит асеиԥш аҟазаара. Убри аан иазгәаҳҭоит агәылеимабзиара мап шацәаҳамкуа. Уи ишырҳәо аиԥш дара рнапаҿоуп иахьыҟоу", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
https://sputnik-abkhazia.info/20231005/bzhania-asny-iioit-alternativat-transportt-mazuraa-1048461479.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/04/1047307819_151:0:2880:2047_1920x0_80_0_0_3fe6797a1f21caa92842cb9644948a8e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Урыстәыла АМФ аӷбақәа еснагьтәи ргыларҭа ҟалоит Очамчыра араион аҿы
18:15 05.10.2023 (ирҿыцуп: 20:41 05.10.2023) Аԥсни Урыстәылеи ашәарҭадара аусхк аҟны русеицура еиҳа-еиҳа идырҭбаауеит, имҩаԥыргоит аицҽазыҟаҵарақәа, агәыларатә ҳәынҭқарраҟны аԥснытәи аҟазауаа рдырра иаздырҳауеит.
АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik. Урыстәыла Арра-Мшынтә Флот аӷбақәа еснагьтәи ргыларҭа ҟалоит Очамчыра араион аҿы ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа, "Известия" аинтервиу аҭо.
"Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аназгәаҳҭоз ҳасқьала иадгылан аракетатә ӷба маҷ. Ҳара уи ҳаҭааит. Ҳаамҭа иақәшәо ӷбоуп. Алшарақәа дууп. Аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵааҩит. Хара имгакәа Урыстәыла Арра-мшынтә флот аӷбақәа иааиԥмырҟьаӡакәа ргыларҭа ҟалоит Очамчыра араион аҿы", - иҳәеит иара.
Бжьаниа иҳәеит асеиԥш аӡбамҭа ҵаҵӷәыс ишамоу Аԥсни Урыстәылеи ртәылахьчаратә мчхара. Ашәарҭадара аӡбахә далацәажәо ахада иазгәеиҭеит Қарҭ макьанагьы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи мчыла рырхынҳәра мап шацәнамкуа, уажәтәи аԥыза-министр Иракли Гарибашвили дыпрагматикуп. Иара иаамҭазы аҭагылазаашьа аиҵаҟьара аӡәгьы иҽазишәом ҳәа. Ус шакәугьы Аԥсны иазгәарҭоит аҳауатә ҵакыра аилагарақәа америкатәи аҳаирплан-ԥшыхәгақәа рыла. Урҭ Қырҭтәыла аинтересқәа роуп ирыхьчо.
"Убри азы иҳаӡбеит асеиԥш аҟазаара. Убри аан иазгәаҳҭоит агәылеимабзиара мап шацәаҳамкуа. Уи ишырҳәо аиԥш дара рнапаҿоуп иахьыҟоу", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.