Урыстәыла

Путин мраҭашәаратәи агегемониа адиагноз азықәиргылеит

Жьҭаара 2-5 рзы Шәача имҩаԥысуаз адискуссиатә клуб "Валдаи" аилатәараан иқәгылаз Урыстәыла ахада Владимир Путин иажәахә РИА Новости аҿы ахҳәаа азиуит аполитикатә хҳәааҟаҵаҩ Пиотр Акопов.
Sputnik
Пиотр Акопов, РИА Новости
Урыстәыла ахада Путин уажәтәи аимак-аиҿактә клуб "Валдай" аилатәара ԥшьсааҭк дшалахәызгьы, реиҳа ихадараз илагалажәаҿы иҳәеит. Мап, азҵаарақәа ирҭоз рҭакқәа аинтерес рыҵамкәа иҟамызт, аха иажәахә алагамҭаз иахьатәи жәларбжьаратәи аҭагылазаашьаз игәаанагара адагьы ԥхьаҟатәи азы игәаанагарагьы иҳәеит.
Путин иҳәеит украинатәи акризис аҟны аҵакыратә еимакы шакәым ихадоу, адунеиеиҿкаара ҿыц апринципқәа роуп ҳәа. Иазгәеиҭеит рҿаԥхьа дҵас иқәгылоу адунеи ҿыц аиҿкаара шакәу, избанзар иӷәӷәаҟацоу адунеи шьақәгылар алшоит "гегемонк хаԥышәала егьырҭ иара ишиҭаху инхартә анрыдимцало аамҭазы" ҳәа. Путин Урыстәыла агегемонра зҭаххаз Мраҭашәара иаҿагылеит ҳәа ашьақәырӷәӷәара адагьы агәрагара имоуп ари агегемониа аилаҳара ишаҿу, иагьшеилаҳауа. Иаҳҳәароуп, уи шеилаҳауа абарҭ ах-факторк рыбзоурала: Мраҭашәара ахарамԥшреи ахамхаԥагьареи, адунеитә цивилизациақәа ииашоу адунеиеиҿкаара ашьақәыргылара ахьырҭаху, Урыстәыла аҽазышәара ахьаиуа.
Путин аҵыхәтәантәи афактор имаҷӡаны ауп дшалацәажәаз, Мраҭашәареи адунеитә цивилизациақәа рзы еиҳа ицәажәара ирҭбааит: "ЕААи уи асателлитқәеи агегемониатә (арратә, аполитикатә, аекономикатә, акультуратә, аморалтә) курс шьҭырхит", - ҳәа иҳәеит иара". Убри аан Путин иазгәеиҭеит аханатә адунеи амонополиа ашьақәыргылара аҽазышәара лҵшәа шамамыз. Адунеи уназдыххыло акакәны иҟаӡам, хырхарҭа рацәала еилаԥсоуп, схемак иузаҵаркуам ҳәа азгәеиҭеит ахада. Ара, Урыстәыла, Китаи, Индиа, аԥсылман дунеи, иара Мраҭашәара ахаҭаҿгьы џьара-џьара ус шакәу рдыруан, иҟан адунеитә аҳра шшәарҭоу атәы аартны изҳәоз, аха ҽмырҳа ҟаҵан. Избан асеиԥш изыҟалаз?
Путин ихаҭагьы ари азҵаара ықәиргылоит "Проблемас иҟоузеи?" ҳәа. Ихаҭагьы аҭак аиҭоит: "Проблеманы иҟоу агеополитикатә интересқәеи ахамаԥагьареи роуп. Ахы ақәгәыӷцәароуп" ҳәа.
Ахақәгәыӷра амзызқәа ируакуп. Путин иажәахә аҿы ари азҵаара еиҳа инарҭбааны иҟаҵоуп аҭак. Мраҭашәара амчхара ду ҵаҵӷәыс аколониалтә политика, аколониақәа реимҵәара шамоу атәы далацәажәо иара аихшьаала ҟаиҵеит:
"Мраҭашәара аҭоурых аекспансиа ауп уҳәар ауеит излашьақәгылоу. Адунеи аҿы Мраҭашәара анырра зеиԥшу аибашьра-финанстә пирамидоуп. Мраҭашәара еснагь имӡааҟәрыларц азы абылтәы аҭахуп – егьырҭ иртәу аԥсабаратә, атехнологиатә, ауаҩытәыҩсатә ресурсқәа рымнахлароуп. Убри азоуп џьара изаанымгыло, агәгьы изҭам".
Урыстәыла
Путин еиҭеиҳәеит Урыстәыла принципқәас изықәныҟәаша арбанқәоу
Иара убасгьы аҭак аҭоуп Мраҭашәара агегемониа изахьынԥашало, уи бзиарала ишзалымҵуа шадыруа азы иқәыргылоу азҵаара. Мраҭашәара иццакцәаз амаланыҟәаныҟәцаҩ иеиԥш ахы азынкылаӡом.
Иаалырҟьан иаангылар икаҳауеит, аха Мраҭашәара иапроблема хаданы иҟоу аанкылага ахьамам ауп. "Англосаксаа ргегемонизм" амаланыҟәа аанкылага ԥҽу атлантикатәи аелитақәа уи ахархәара рҭахыму (рхы ирзамырхәо) – ари даҽа зҵаароуп. Ихадароу адунеи егьи ахәҭаҟны ирбоит: "Акгьы хьаас измам арныҟәаҩ" даангыларц иҭахым, аиааира шиго азгьы агәрагара имоуп. Агәрагара имоуп егьырҭ зегьы имҩа ианыланы, ишьҭаланы ицалоит ҳәа, дара уи шырҭахымгьы, хара имгакәа узқәу амҩа уаҿҟьоит ҳәа шиарҳәогьы.
Проблеманы иара убасгьы иҟоуп аиԥхныҩлара егьырҭ алахәылацәа иаалырҟьаны иахьзаанымгыло ма амҩа иахьзанымҵуа, избанзар дара зегь шахак ала еидҳәалоуп, ираԥхьагылоу Мраҭашәарагьы макьаназы аԥхьагыларатә ҭыԥ иахызцо амчхара ыҟаӡам. Убри аан иара иарбанзаалак акы арҳара аҭахым, амҩа рысҭап ҳәагьы агәы иҭам.
Урыстәыла
Путин: 15 шықәса раахыс Урыстәыла Ермантәыла иаднагалон Бақәеи дареи акаҿы иазааибагарцаз
Асеиԥш аан асценахь ицәырҵуеит ацивилизациатә фактор — егьырҭ ацивилизациақәа (аиԥхныҩлара алахәылацәа) адунеиеиҿкаара ҿыц аԥҵара алацәажәараз рҭаххарақәеи ргәаҳәарақәеи. Ари иаанаго аиԥхныҩлара аԥҟарақәеи ахырхарҭақәеи рыԥсахразы аишьашәалатә усқәа реицымҩаԥгароуп. Абри ауп дыззааҭгылаз "Валдаи" аҟны Путин, Урыстәыла иҷыдоу аҟазшьа змоу ҳәынҭқарра-цивилизациоуп ҳәа аназиҳәаз.
Путин итәала уаҵәтәи адунеи – зинла еиҟароу, зыжәларқәа ринтересқәеи рҭахрақәеи ирыҵагыло еиуеиԥшым адунеитә цивилизациақәа рдунеи ауп.
"Агәра згоит ауаажәларра иҿыцу аблокеиҿагыларақәа, аглобализм доуҳа змам ауниверсалра рахь шакәым инеирц ахьырҭаху. Адунеи амҩа иқәуп аҳәынҭқарра-цивилизациақәа, аҵакыра дуқәа реидҵарахь, реидкыларахь.
Иара убри аан ацивилизациа — универсалтә конструкциаӡам, зегьы еицырзеиԥшӡам. Усеиԥш изыҟалаӡом. Уи злашьақәгылоу ахәҭақәа зегьы акультура аганахьала еиԥшым, рхатә цәаҩа рымоуп, рхатә ҭоурыхи рытрадициақәеи рҟынтәи иааргоит изықәныҟәо рыпринципқәа. Рхы пату ақәырҵоит, убри алагьы егьырҭ пату рықәырҵоит, даргьы пату рықәлоит убри иабзоураны. Убри азыҳәан ауп ацивилизациа аӡәгьы иара аԥҟарақәа заднамҟаҵало, иаргьы мчыла ак аурҟаҵар ауӡом. Абарҭ аԥҟарақәа ирықәныҟәалар, жәларбжьаратәи аилазаара алахәылацәа зегьы ибзианы аицҿиара, аицынхара, аусеицура рылшоит".
Шьоукы ирҳәар рылшоит уи баша цәажәароуп, акгьы злымҵуа усуп, ацивилизациақәа еснагь еиндаҭлон ҳәа. Мап, проблемас иҟоу аиндаҭлара акәӡам, цивилизациак даҽа цивилизациак мчыла иара аԥҟарақәа ирыкәныҟәарц ианаднацало ауп. Убри аан Мраҭашәара ахатәы цивилизациа, ма европатәи, мамзаргьы англосакстәи акәзааит, урҭ ракәӡам егьырҭ ирхадырԥо, дара зҿу мраҭашәаратәи аелита аглобалисттә хәҭа иртәу атрансгуманисттә (даҽакала иуҳәозар, ауаҩытәыҩсашьҭахьтә) доуҳатә малқәа роуп, урҭ Мрагыларагьы Мраҭашәарагьы ирзеицәоуп.
Ари аҩыза адиктат аҿагылара иаҳа-иаҳа иацло иааиуеит - абри атенденциа ахьыҟоу ауп Путин алшара изҭо "ацивилизациатә уасхыр - ҳазқәынхо адунеи аҿы, акы иазымааиц, ишәарҭоу, ахырхарҭа иашақәа зцәыӡыз адунеи аҿы ақәҿиара ҟаларц азы хымԥада иаҭаху" ҳәа аҳәара.
Убри азоуп Урыстәыла изадгылоу цивилизациақәас иҟоу зегь еицәажәаны адунеи ҿыц аргылара рылшоит ҳәа агәаанагара. Абри амҩа ылырхырц ауп "ԥхьаҟа ихәыцуа ауаатәыҩса раԥхьагыла" дзыгәжәажәо.
Урыстәыла
Владимир Путин адунеи атәылақәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ашәарҭарақәа рҿаԥхьа рҽеидыркыларц