Урыстәыла

Путин: 15 шықәса раахыс Урыстәыла Ермантәыла иаднагалон Бақәеи дареи акаҿы иазааибагарцаз

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин принял участие в работе дискуссионного клуба "Валдай"
Президент РФ В. Путин принял участие в работе дискуссионного клуба Валдай - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2023
Анапаҵаҩра
Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспублика ажьырныҳәа 1, 2024 шықәса инаркны ҳәынҭқаррак аҳасабала адунеи ианыҵуеит Азербаиџьан аконституциатә шьақәгылашьа аиҭашьақәыргыларазы атеррористҿагыларатә операциа анымҩаԥнага ашьҭахь.
АҞӘА, - Sputnik. 15 шықәса раахыс Урыстәыла Ермантәыла иаҳәон Бақәеи дареи акы иазааибагарц шьаҿак аҟаҵара, рыдгьылқәа рыхәҭак рырҭарц иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин аиҿцәажәаратә клуб "Валдаи" аҿы.
"Ҳара аҵыхәтәантәи 15 шықәса ирылагӡаны акырынтә ермантәылатәи ҳҩызцәа ҳрыҳәахьан акы иазааибагарц. Азербаиџьан иарҭарц Ҟарабах акәша-мыкәша иҟоу араионқәа хәба, убас ала дара рхазы ҩба аанрыжьырц, Ермантәылеи Ҟарабахи дгьылҵакырала аимадара рзынхарц. Аха ҟарабахаа еснагь ирҳәоз ак акәын: "Ус иҟалар ҳара ҳзы ишәарҭахоит", - ҳәа", - иҳәеит Путин.
Ахада инаҵишьит Ашьха Ҟарабах ахьыԥшымра анрыланаҳәаз, Ереванҵәҟьагьы уи шазханамҵаз. Уи азымхакәа, Никол Пашиниан ареспублика Азербаиџьан иахәҭакуп ҳәа азхеиҵахьан, уи аӡбамҭазы Москва адырра аимҭакәа.
"Азербаиџьан Ҟарабах аконституциатә мчра шышьақәнаргылоз еилкаан, аамҭа акәын иаҭахыз", - иҳәеит Урыстәыла ахада.
Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны, амца аанкылара арежим ахылаԥшра мацара акәын ирылшоз. Урҭ рахьтә ԥыҭҩык ҭахеит Ҟарабах аерманцәа рыхьчараан иҳәеит иара.
Концерт на блокпосту российских миротворцев в Карабахе - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2023
Урыстәыла
Алиев Путин иҿаԥхьа аҭамзаара шьҭеиҵеит аҭынчреиҿкааҩцәа рҭахаразы
Путин иазгәеиҭеит Москва зинтә механизмқәас иҟаз зегьы ахы ианархәон Ҟарабах анхацәа агуманитартә цхыраара рыҭаразы, уи аус анагӡара аԥхьаҟагьы иазхиоуп, Ермантәыла Урыстәыла иаҩызаны иаанхозар.
Ажәабжьқәа зегьы
0