Аԥсны

Ҭагалантәи ахьшәашәарақәа ирыхҟьаны Аԥсны аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара еиҵахеит

Иааиҭ ҭагалан, аҳауагәаҭаҩцәа ишазгәарҭо ала уахынла ихьшәашәарахоит, амшгьы ҭышәантәалам ақәа леиуеит адыдмацәыс ҟалоит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Жьҭаарамзазы зегь раасҭа аԥсшьараз иалырхуаз аҭыԥқәа рсиаҿ Аԥсны ахәбатәи аҭыԥ шааннакылоз ибыжьшәеит иҟалаз ахьшәашәарақәа ирыхҟьаны, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа.
Асиаҟны раԥхьатәи аҭыԥ ааннакылоит Ҭырқәтәыла. Аҳауа аҭагылазаашьа аҿаԥсахра иахҟьаны аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара шмаҷхазгьы 40% инареиҳаны урыстәылауаа уахь аԥсшьараз ицоит.
Зегь реиҳа иалырхуа хә-ҭыԥк рыбжьара иара убасгьы иҟоуп Египет (15,7%), Еиду Арабтәи Аемиратқәа (8%), Таиланд (7,2), Урыстәыла аҩнуҵаҟа (17%).
Урыстәыла атуроператорцәа Рассациациа иазгәанаҭоит, бжьаратәла атурпакетқәа ркассабӷьыцқәа Ҭырқәтәылеи урыстәылатәи акурортқәеи цәыббрамза иаҿырԥшны акыр ишеиҵхаз, убри аан егьырҭ ахырхарҭақәа рыҟны аԥсшьара аамҭа инақәыршәаны рыхәқәа шьҭыҵит.
Аԥсны
Гәдоуҭа жьҭаарамзазы аԥсшьараз иалыркааз зыхә ҳараку ахырхарҭақәа жәаба ирыҵанакит