АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра Украина атәылауаа ахԥатәи атәылақәа рҟынтәи Урыстәыла ралаларазы иҷыдоу аԥҟара шьақәнарӷәӷәеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Аԥҟарақәа аусура иалагоит жьҭаара 16 асааҭ 00:00 рзы, урҭ иахьатәи агеополитикатә ҭагылазаашьаан урыстәылауаа ршәарҭадара аиҿкаара иазырхоуп.
Жьҭаара 16 инаркны Украина атәылауаа Урыстәыла иалалар рылшоит Псковтәи аобласт аҿы иҟоу автомашьына аиасырҭа аҭыԥ "Лудонка" ала, ма Мосвка аҳаирбаӷәаза "Шереметьево" ала.
Аԥҟарақәа ирыҵанакуеит 14 шықәса ирҭысхьоу Украина атәылауаа зегьы, иара убас 14 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа, аха аурыс тәылауаҩшәҟәы змам дара рхаҭарнак, рабекәын, ма рхылаԥшҩы дзыцу.
ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәи, Запорожтәи аобластқәа рҿы иҟоу Украина атәылауаа Урыстәыла ралалараз аԥҟара шыҟац иҟоуп - дара ирылшоит арегион ҿыцқәеи аушьҭырҭақәа рыла.