Аԥсны

Даур Ақаҩба Аԥсны Жәлар рартист Давида Терзиан 50 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит

Давид Терзиан –Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр асахьаркыратә напхгаҩы, адирижиор хада, Аԥсны Жәлар артист.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 9 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба Аԥсны Жәлар рартист Давида Терзиан 50 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.
Аминистр аиубилиар агәабзиара ӷәӷәа, арҿиаратә қәҿиара дуқәа изеиӷьеишьеит. Ақаҩба иазгәеиҭеит, Аҳәынҭқарратә камертә оркестр – Аԥсны ишагәадуроу, уи алахәылацәа, Терзиан инапхгарала ззанааҭ бзиаӡаны издыруа ҟазауааны ишыҟоу.
Ақаҩба иҳәеит дшақәгәыӷуа адирижиор инапхгарала еиҭаҿиап ҳәа Аҳәынҭқарратә симфониатә оркестргьы.
Терзиан иҳәеит аминистр идныҳәалара ԥхьаҟатәи иусура еиҳагьы ишарцыхцыхуа. Жәлар рартист иажәақәа рыла, асимфониатә оркестр аиҭарҿиара аҭахны иҟоуп.
Давид Терзиан диит октиабр 7, 1973 шықәсазы амузикантцәа рҭаацәараҿы. 1990–1996 шықәсқәа рзы аҵара иҵон Комитас ихьӡ зху Еревантәи аҳәынҭқарратә консерваториаҟны (азанааҭ "аскрипка", "аоператә-симфониатә дирижиорра"). 1997 шықәсазы далгоит аоператә-симфониатә дирижиорра афакультет аспирантура еицырдыруа адирижиор Оган Дуриан икласс аҟны.
Аскрипкарҳәаҩ иаҳасабала Давид Терзиан аус иуан 20 шықәса инеиԥынкыланы еиуеиԥшым ахеидкылақәа рҟны: Еревантәи ақәыԥшцәа рсимфониатә оркестр аҟны концертмеистерс, Еревантәи аҳәынҭқарратә консерваториаҟны еиҿкааз афортепианотә квинтет аҟны, Ермантәылатәи арадиои ателехәаԥшреи рсимфониатә оркестр аҟны, ақ. Жилин (Словакиа) аҟны еиҿкааз акамертә оркестр аҟны, ақ. Акапулько (Меқсика) афилармониатә оркестр аҟны.
2010 шықәсазы Аԥсныҟа даауеит, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә камертә оркестр адирижиорс аусура далагоит. Ҳаамҭазы Аҳәынҭқарратә камертә оркестр асахьаркыратә напхгаҩы, адирижиор хада ҳәа дыҟоуп, иара убас напхгара аиҭоит Аԥсны Атәылахьчара аминистрраҟны еиҿкаау арратә оркестр.
2013 шықәсазы Аԥсны Ахада иусԥҟала ихҵан "Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа ахьӡ, 2020 шықәсазы ихҵан "Аԥсны Жәлар рартист" ҳәа ахьӡ ҳаракы.