АҞӘА, жьҭаара 9 – Sputnik. Израили Палестинеи реимак аҿы астатус-кво-лшарадоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Израили Палестинеи реимак аибарххара аҽазныкгьы иаанарԥшит аимак аҭыԥ аҿы иҟоу статус-кво амч шамам", – иҳәеит аминистр.
Ахмед Абу аль-Геити Лаврови реиԥылараан урыстәылатәи аполитик иҳәеит ашьакаҭәара аанкылара адагьы аимак ҭынчмҩала аӡбра ишашьҭалатәу.
"Ашьакаҭәара аанкылара адагьы аграждантә уааԥсыра рыпроблема ӡбатәуп, урҭ хыԥхьаӡара рацәала ааха роуеит, иара убасгьы азхьаԥшра ӷәӷәа рыҭатәуп палестинатәи апроблема амзызқәа. Апроблема аӡбразы ЕАР АХ аӡбрақәа, Израили Палестинеи рыбжьара Ослои Мадриди ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа, Арабтә ҭынчратә ԥшьгамҭа шыҟоугьы еиҭакра ҟамлеи", – иҳәеит Лавров.
Асабша ашьыжь Израиль асектор Газа аганахьала аракетатә жәылара азуын, уи ашьҭахь ХАМАС аибашьцәа атәыла аҳәаа иаԥну араионқәа ирылалеит. Адыррақәа рыла Израиль иагәыдҵан хнызқь ракета. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла иҭахеит 700-ҩык аҭынч уааԥсыра, ахәрақәа роуит 2382-ҩык.
ХАМАС абригада "Аль-Кассам" аҳәамҭа ҟанаҵеит ишымҩаԥнаго аоперациа "Потоп Аль-Аксы".
Израиль аԥыза-министр Биниамин Нетаниаху Израиль атәылахьчаратә ар алагеит аоперациа "Железные мечи", атәылаҿ арратә ҭагылазаашьа рылаҳәоуп, амобилизациа мҩаԥгахоит ҳәа адырра ҟаиҵеит. Палестинаа рганахь ала иҭахахьеит 436 –ҩык, ихәуп 2271-ҩык.