Урыстәыла

Израиль асектор Газа аҿы 500 стратегиатә обиект ириехсит

© AFP 2023 / AHMAD GHARABLIРакетный обстрел в Израиле
Ракетный обстрел в Израиле - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2023
Анапаҵаҩра
Асабша ашьыжь Израиль асектор Газа аганахь ала уаанӡа еиԥшымыз аракетатә жәылара азуын, уи ашьҭахь ХАМАС аибашьцәа атәыла аҳәаа иаԥну араионқәа ирылалеит.
АҞӘА, жьҭаара 9 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Израиль авиациа асектор Газа аҿы ХАМАСи "Исламски джихади" иртәу 500 стратегиатә обиект ириехсит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Израиль атәылахьчара ар (ЦАХАЛ) адыррақәа шьаҭас иганы.

"ЦАХАЛ аҳаирпланқәа, аверталиотқәа, артиллериа уахыки-ҽнаки рыла Израиль авиациа асектор Газа аҿы ХАМАСи "Исламски джихади" иртәу 500 стратегиатә обиект ириехсит", - аанацҳауеит ЦАХАЛ.

Иазгәаҭоуп ишеилаԥыххаау ХАМАС аоперштабқәа быжьба, ар рыштаб ахьыҟаз аҩнеихагыла.
Уажәазы активла аиҿагылара мҩаԥысуеит асектор Газа аҳәааҿы ф-ҭыԥк рҟны. Израиль атеррористтә еиҿкаарақәа шықәнахуазы аҳәамҭа ҟанаҵеит.
Асабша ашьыжь Израиль асектор Газа аганахь ала аракетатә жәылара азуын, уи ашьҭахь ХАМАС аибашьцәа атәыла аҳәаа иаԥну араионқәа ирылалеит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла иҭахахьеит 600-ҩык аҭынчуааԥсыра, 2048 ахәрақәа рымоуп.
Вид на Капитолий США в Вашингтоне - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2023
Урыстәыла
ЕАА аконгресс аҿы ирҳәеит ХАМАС Израиль иажәларц азы урҭ Киев бџьарла еиқәнаршәазар ауеит
ХАМАС абригада "Аль-Кассам" аҳәамҭа ҟанаҵеит ишымҩаԥнаго аоперациа "Потоп Аль-Аксы". Дара иазгәарҭоит 35 аррамаҵзурауаа шырытҟәахьо.
Израиль атәылахьчаратә ар алагеит аоперациа "Железные мечи". Атәылаҿ арратә ҭагылазаашьа рылаҳәоуп.
Израиль авиациа асектор Газа иалахысит. Иҟоуп адыррақәа убри аан 313-ҩык ҭахеит, 2000-ҩык ахәрақәа роуит ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0