Аԥсны

Апрокурор хада азакәанԥҵаратә актқәа рыԥсахразы аԥшьгамҭақәа Апарламент ахь инаишьҭит

Апроект инақәыршәаны аԥсахрақәа рылагалатәуп ҳаамҭа иақәымшәо Ашьауӷатәи Ашьауӷа- процессуалтәи кодексқәа рыхәҭаҷқәак.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Апрокурор хада Адгәыр Агрба азакәанԥҵаратә актқәа рыԥсахразы аԥшьгамҭақәа рыпроект наишьҭит Аԥсны жәлар Реизара ахь. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Агрба аԥсахрақәа рылагалатәуп ҳаамҭа иақәымшәо Ашьауӷатәи Ашьауӷа-процессуалтәи кодексқәа рыхәҭаҷқәак ҳәа иҳәоит.

Уи адагьы, ажәадгала нашьҭын ахәҭаҷ "Ацәахыхра" аԥсахрақәа алагалазарц. Иара убасгьы, ацәгьара ӷәӷәа иуит, аҳәынҭқарратә шьақәгылара еиҵазҟьо, атәылауаа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ирԥырхаго аусқәа мҩаԥигоит ма акоррупциа далахәуп ҳәа агәызҩара ззыҟоу ауаҩы иганахьала аҩнытә баандаҩреи ашасыҟаҵареи рхархәара аамҭала мап рыцәкызарц азы ажәадгала ҟаҵоуп.