Аԥсны

Арӡынба: ЕАА аԥырхагахеит Палестинеи Аԥсни адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара

Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵеит Урыстәыла, Никарагуа, Науру, Венесуела, Шьамтәыла.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Еиду Америкатәи аштатқәа аԥырхагахеит Палестинеи Аԥсни адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Актәи аканал адырраҭара "Большая игра" аҟны.
"Урыстәыла иҟоу Палестина ахада ихаҭарнак ҷыдеи, Урыстәыла иҟоу Палестина ацҳаражәҳәаҩи ҳареи аимадара бзиа ҳабжьоуп. Исҳәарц сылшоит, Еиду Америкатәи аштатқәа аԥырхагахеит Палестинеи Аԥсни адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара", - иҳәеит иара.
Израили Палестинеи ирыбжьоу аимак азы игәаанагара иҳәеит Арӡынба.
Аԥсны
Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Палестинеи рыцҳаражәҳәаҩцәа адипеизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит
15 шықәса раԥхьа нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа разхаҵаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Урыстәыла ашьҭахь Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵеит Никарагуа, Науру, Венесуела, Шьамтәыла. Арҭ атәылақәеи Аԥсни адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп.
Иахьатәи аамҭазы Аҟәа иалшо зегьы ҟанаҵоит Белоруссиа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵарц.