АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Израильтәи Арбџьармчқәа рхықәкы- палестинатәи ХАМАС иамоу аибашьратә лшарақәа раанкылароуп, иҳәеит Израиль атәылахьчара ар рхаҭарнак Џьонатан Конрикус. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Конрикус ателеканал CNN иеиҭаз аинтервиу шьаҭас иҟаҵаны.
"Ҳҿаԥхьа усдҵаны иқәгылоуп аибашьра анынҵәо аамҭаз ХАМАС иарбанызаалак лшарак амамкәа аҟаҵара", - иҳәеит иара.
Израиль атәылахьчара ар русбарҭа адырра ҟанаҵахьан, 100% рҟынӡа асектор Газа иаԥну аҳәаа ахылаԥшра шарҭо, аҵыхәтәантәи уахи-ҽни рыҩнуҵҟа уахьынтә аӡәгьы Израиль аҵакыра дшаламлац.
ХАМАС ахаҭарнакцәа ракәзар, аҳәамҭа ҟарҵеит аоперациа ахықәкы нагӡоуп ҳәа.
"Ҳхықәкы наҳагӡеит. Уажәазы иарбанызаалак аполитикатә диалог ҳазыхиоуп", - иҳәеит ХАМАС аполитбиуро алахәыла Абу-Марзук.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Израиль иҭахеит 900-ҩык, асектор Газ аҿы – 687-ҩык. Шәҩык инарзынаԥшуа Израиль атәылауаа, арратә чынқәагьы налаҵаны ХАМАС аибашьцәа итҟәаны ирымоуп.