Арадио

Кәыҵниаԥҳа Аиааира амш азы: ҳгәырӷьон, ҳагәгьы ҳҭаҵәыуон

Sputnik
Агәымшәараз амедал занашьоу Ельза Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит леибашьратә мҩа шалагази, аибашьра адәаҟны реиҳа дзыршанхаз ахҭыси, ӷәӷәала дшырхәызи ртәы.
Ельза Кәыҵниаԥҳа лажәақәа рыла, нанҳәа 14 хашҭшьа амам, мышқәак рыла еилгап ҳәа лгәы ишаанагоз.
Аветеран аибашьра ианалага 19 шықәса лхыҵуан, аҵараиурҭаҿы актәи акурс алыркхьан.
Аибашьра актәи амш азы Аҟәа салҵит, аха Ешыра аибашьратә цәаҳәа сахымсит лҳәоит аветеран.
"Ешыра издыруаз аҭаратәи аӡӷабцәа гылан, рааигәа саннеи дара рнапаҿы иркын ахәшәқәа рыла иҭәыз арҭмаҟқәа, ус саргьы уа саангылеит. Гәдоуҭаҟа сымцаӡеит, сахьцозгьы ыҟамызт", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Агәымшәараз амедал занашьоу Ельза Кәыҵниаԥҳа раԥхьатәи лхәы Ҭемыр Бигәаа ацхыраара шилҭази, Гунда Кәыҵниаԥҳаи Лолита Ӷәынџьиаԥҳаи рҭахара шылнырызи ртәы лгәалалыршәеит.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.