https://sputnik-abkhazia.info/20231010/kyniaa-aiaaira-amsh-azy-gyron-aggy-ayuon-1048534344.html
Кәыҵниаԥҳа Аиааира амш азы: ҳгәырӷьон, ҳагәгьы ҳҭаҵәыуон
Кәыҵниаԥҳа Аиааира амш азы: ҳгәырӷьон, ҳагәгьы ҳҭаҵәыуон
Sputnik Аҧсны
Агәымшәараз амедал занашьоу Ельза Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит леибашьратә мҩа шалагази, аибашьра адәаҟны реиҳа дзыршанхаз ахҭыси, ӷәӷәала... 10.10.2023, Sputnik Аҧсны
2023-10-10T12:12+0300
2023-10-10T12:12+0300
2023-10-10T12:19+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0a/09/1048534180_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_c7a7531c040826523233c43c9210038b.jpg
Дцон аԥҳәызба еибашьра: Ельза Кәыҵниаԥҳа леибашьратә мҩа иазкны
Sputnik Аҧсны
Дцон аԥҳәызба еибашьра: Ельза Кәыҵниаԥҳа леибашьратә мҩа иазкны
Агәымшәараз амедал занашьоу Ельза Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит леибашьратә мҩа шалагази, аибашьра адәаҟны реиҳа дзыршанхаз ахҭыси, ӷәӷәала дшырхәызи ртәы.Ельза Кәыҵниаԥҳа лажәақәа рыла, нанҳәа 14 хашҭшьа амам, мышқәак рыла еилгап ҳәа лгәы ишаанагоз. Аветеран аибашьра ианалага 19 шықәса лхыҵуан, аҵараиурҭаҿы актәи акурс алыркхьан. Аибашьра актәи амш азы Аҟәа салҵит, аха Ешыра аибашьратә цәаҳәа сахымсит лҳәоит аветеран."Ешыра издыруаз аҭаратәи аӡӷабцәа гылан, рааигәа саннеи дара рнапаҿы иркын ахәшәқәа рыла иҭәыз арҭмаҟқәа, ус саргьы уа саангылеит. Гәдоуҭаҟа сымцаӡеит, сахьцозгьы ыҟамызт", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.Агәымшәараз амедал занашьоу Ельза Кәыҵниаԥҳа раԥхьатәи лхәы Ҭемыр Бигәаа ацхыраара шилҭази, Гунда Кәыҵниаԥҳаи Лолита Ӷәынџьиаԥҳаи рҭахара шылнырызи ртәы лгәалалыршәеит.Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0a/09/1048534180_86:0:1223:853_1920x0_80_0_0_d8a0163deb9afe808c61e84edcab9395.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Агәымшәараз амедал занашьоу Ельза Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит леибашьратә мҩа шалагази, аибашьра адәаҟны реиҳа дзыршанхаз ахҭыси, ӷәӷәала дшырхәызи ртәы.
Ельза Кәыҵниаԥҳа лажәақәа рыла, нанҳәа 14 хашҭшьа амам, мышқәак рыла еилгап ҳәа лгәы ишаанагоз.
Аветеран аибашьра ианалага 19 шықәса лхыҵуан, аҵараиурҭаҿы актәи акурс алыркхьан.
Аибашьра актәи амш азы Аҟәа салҵит, аха Ешыра аибашьратә цәаҳәа сахымсит лҳәоит аветеран.
"Ешыра издыруаз аҭаратәи аӡӷабцәа гылан, рааигәа саннеи дара рнапаҿы иркын ахәшәқәа рыла иҭәыз арҭмаҟқәа, ус саргьы уа саангылеит. Гәдоуҭаҟа сымцаӡеит, сахьцозгьы ыҟамызт", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Агәымшәараз амедал занашьоу Ельза Кәыҵниаԥҳа раԥхьатәи лхәы Ҭемыр Бигәаа ацхыраара шилҭази, Гунда Кәыҵниаԥҳаи Лолита Ӷәынџьиаԥҳаи рҭахара шылнырызи ртәы лгәалалыршәеит.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.