Аҵыхәтәантәи аҩышықәса адунеи аҿы абџьар еиҳаны ахархәара аиуит: Урыстәыла иҷыдоу арратә операци Украина имҩаԥнагоит, Азербаиџьан бџьаршьҭыхла Ҟарабах азҵаара аӡбоит, Израили Палестинеи аибашьра хацдаркит. Ааигәа Мрагылара ицо аидысларақәа Ахԥатәи Адунеитә еибашьрахьы икылсыр алшома, аԥхьаҟа ахҭысқәа ҿиар шауа атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Ааигәа Мрагылара аидысларақәа аҭыԥ анрымоу аҳәынҭқарра дуқәа еиҿанагалон, ус иҟан Асовет Еидгыла арабцәа адгылара анрынаҭоз Америкатәи аштатқәа Израильаа ианрыцхраауаз, иҳәеит аполитолог. Иара иазгәеиҭеит арабцәеи ауриацәеи иааиуа ажәашықәсақәа рзы реимак ӡбамҭак аиуны иҟалоит ҳәа шузымҳәо.
"Аҳәынҭқарра дуқәа иахьа рхы шымҩаԥырго, иҟарҵо ашьаҿақәа реилкаара даара иуадаҩуп. Сгәаанагарала, аҭагылазаашьа Ахԥатәи Адунеизегьтәи еибашьрахьы ҳкылнагоит ҳәа цәажәароуп, макьана уахь ҳнеиуеит ҳәа агәра згаӡом", - иҳәеит Ҳагба.
Иара иазгәеиҭеит араб тәылақәа рыбжьара аидгылара шыҟам, ХАМАС ажәылара иақәыӡбаз шыҟоу.
"Уажәы зегьы иазгәарҭоит ари аибарххара аанкылара уадаҩхоит, иара аибашьра аҽарҭбааргьы ҟалоит арегион аҟны ҳәа", - иҳәеит аполитолог.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.