Аԥсны

Бжьаниа: Аԥсны аҳаирбаӷәаза аартра ашьҭахь Аҟәеи Уфеи рыбжьара аимадара ҟалоит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа официалтә визитла Ареспублика Башкорҭосҭан дыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Аԥсны аҳаирбаӷәаза аартра ашьҭахь иазгәаҭаны иҳамоуп Аҟәеи Уфеи рыбжьара аимадара аиҿкаара ҳәа аҩуеит амаҵзура "Башкинформ" Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иажәақәа шьаҭас иганы.
"Агәра згоит хара имгакәа аҳаирбаӷәаза шаарҭхо азы. Сақәгәыӷуеит уи ашьҭахь Аҟәеи Уфеи еимаздаша авиареис шцәырҵуа", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза актәи ареис аднакылараны иҟоуп 2024 шықәса анҵәамҭаз ҳәа уаанӡа аҳәамҭа ҟаиҵахьан Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
Аԥсны
Бжьаниа Ареспублика Башкорҭосҭан Амш ныҳәа азгәаҭара ихы алаирхәит