https://sputnik-abkhazia.info/20231011/bzhania-arespublika-bashkorosan-amsh-nya-azgaara-ikhy-alairkhit-1048562356.html
Бжьаниа Ареспублика Башкорҭосҭан Амш ныҳәа азгәаҭара ихы алаирхәит
Бжьаниа Ареспублика Башкорҭосҭан Амш ныҳәа азгәаҭара ихы алаирхәит
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Ахада Аслан Бжьаниа Ареспублика Башкорҭосҭан Амш ныҳәа азгәаҭара ихы алаирхәит Уфа ақалақь аҿы. 11.10.2023, Sputnik Аҧсны
2023-10-11T15:10+0300
2023-10-11T15:10+0300
2023-10-11T15:21+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0a/0b/1048560498_0:68:1280:788_1920x0_80_0_0_eff2604cc6a402975cd49f6f88915b9f.jpg
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Ахада Аслан Бжьаниа Ареспублика Башкорҭосҭан Амш ныҳәа азгәаҭара ихы алаирхәит Уфа ақалақь аҿы. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Башкорҭосҭан ахада Ради Хабирови ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит башкириатәи апоет, ауаажәларратә усзуҩ Шаихзаде Бабичи амилаҭтә фырхаҵа Салават Иулаеви рбаҟақәа рҿаԥхьа. Бжьаниа иара убас ихы алаирхәит Аҟәа, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны иҟоу агәашьаркыра еиԥшны Уфа идыргылараны иҟоу агәашьаркыра аҭыԥ аҿы ахаҳә ашьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә. Иара иҳәеит ииасыз ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа рзы, Поволжие амлакра ӷәӷәа аныҟаз, Аԥсны фатәыла ацхыраара шыҟанаҵоз, Аибашьра Ду аан Аԥсны ахәышәтәырҭақәеи агоспитальқәеи рҿы ишеиқәдырхоз ихәыз аибашьцәа, 90-тәи ашықәсқәа раан абашкирцәа аԥснаа агуманитартә цхыраара шрырҭоз. Бжьаниа иазгәеиҭеит аҩреспубликак аизааигәахарахь даҽа шьаҿақәак шыҟарҵаз."Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит Башкорҭосҭан Аԥсны ианаҭоз ацхырааразы. Ҳара еснагь уи аҭак иалшо ала иҟаҳҵалоит. Анасыԥ шәыгмыз, иҭынчзааит шәыжәҩан", - иҳәеит Аԥсны ахада. Аобиект аадыртраны иҟоуп 2024 шықәсазы ареспубликақәа русеицура 30 шықәса ахыҵраан. Агәашьаркыра Аԥсни Башкириеи рыжәларқәа реиҩызара иадырганы иҟазаауеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0a/0b/1048560498_70:0:1210:855_1920x0_80_0_0_28b04e23e7b8f52a3dfc4af5362203de.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
ажәабжьқәа
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Ахада Аслан Бжьаниа Ареспублика Башкорҭосҭан Амш ныҳәа азгәаҭара ихы алаирхәит Уфа ақалақь аҿы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Башкорҭосҭан ахада Ради Хабирови ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит башкириатәи апоет, ауаажәларратә усзуҩ Шаихзаде Бабичи амилаҭтә фырхаҵа Салават Иулаеви рбаҟақәа рҿаԥхьа.
Бжьаниа иара убас ихы алаирхәит Аҟәа, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны иҟоу агәашьаркыра еиԥшны Уфа идыргылараны иҟоу агәашьаркыра аҭыԥ аҿы ахаҳә ашьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә.
"Акраҵанакуеит еиҩызарала анхара, аицхыраара, ақәҿиарақәа реигәырӷьара. Абас ауп ҳашьцәа аԥсуааи ҳареи аицынхара шаҳҭаху. Аколоннада аҭоурых ду змоу ҳаиҩызара иадыргоуп", - иҳәеит Башкорҭосҭан ахада Ради Хабиров.
Иара иҳәеит ииасыз ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа рзы, Поволжие амлакра ӷәӷәа аныҟаз, Аԥсны фатәыла ацхыраара шыҟанаҵоз, Аибашьра Ду аан Аԥсны ахәышәтәырҭақәеи агоспитальқәеи рҿы ишеиқәдырхоз ихәыз аибашьцәа, 90-тәи ашықәсқәа раан абашкирцәа аԥснаа агуманитартә цхыраара шрырҭоз.
Бжьаниа иазгәеиҭеит аҩреспубликак аизааигәахарахь даҽа шьаҿақәак шыҟарҵаз.
"Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит Башкорҭосҭан Аԥсны ианаҭоз ацхырааразы. Ҳара еснагь уи аҭак иалшо ала иҟаҳҵалоит. Анасыԥ шәыгмыз, иҭынчзааит шәыжәҩан", - иҳәеит Аԥсны ахада.
Аобиект аадыртраны иҟоуп 2024 шықәсазы ареспубликақәа русеицура 30 шықәса ахыҵраан. Агәашьаркыра Аԥсни Башкириеи рыжәларқәа реиҩызара иадырганы иҟазаауеит.