Аԥсны

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа ацрыҵҳақәа еиҭашьақәдыргылоит ашықәс нҵәаанӡа

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа ацрыҵҳақәа реиҭашьақәыргыларазы хә-миллион мааҭк азоужьуп Гәдоуҭа араион абиуџьет аҟынтәи.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа ацрыҵҳақәа реиҭашьақәыргылараз аусурақәа ашықәс анҵәамҭаз ихыркәшахоит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Гәдоуҭа араион асанитартә ҳақьым хада Инга Ҷанԥҳа.
"Аусурақәа ирылагеит. Еилаӡарала анардадаҩ ԥхынҷкәынмза алагамҭаз аусурақәа хиркәшароуп. Уажәы аҿкчымазаратә стационари акорпус хадеи рҟынтәи амҩангагақәа рышьҭаҵара иаҿуп. Анаҩс актәи аизакырҭахь икылыргоит, ахархәагақәа еидкыланы анапхгараҭаратә ҭыԥ шьақәдыргылоит", - ҳәа лҳәеит лара.
Ҷанԥҳа лажәақәа рыла, апроект мҩаԥнагоит асеиԥш аусурақәа ирызҟазоу шәачатәи аргыларатә еилахәырақәа руак.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа ацрыҵҳақәа реиҭашьақәыргыларазы хә-миллион мааҭк азоужьуп Гәдоуҭа араион абиуџьет аҟынтәи.
Асанитартә ҳақьым хада иара убасгьы иазгәалҭеит арҭ ахархәагақәа аусура раларгара иалнаршоит ахәышәтәырҭа акорпус хадаҟынтәи аҿкчымазаратә ҟәшаҟынтәи инеиуа ацрыҵқәагьы ррыцқьара ҳәа.
"Уи иахылаԥшраны иҟоу аусзуҩцәа иахәҭоу аҵара иахыжьтәуп. Анардадаҩ аргыларақәа рыҿҳәарақәа рзы хәдықәҵара ҟаиҵоит", - лҳәеит Ҷанԥҳа.
Арҭ ахархәагақәа Аинвестпрограммала ахәышәтәырҭа анеиҭашьақәдыргыла ашьҭахь, 2016 шықәсазы русура хацыркын. Арыцқьаратә ргыламҭақәа ииашамкәа русура иахҟьаны ацрыҵқәа ахәышәтәырҭа иаԥну аҵакырахь иқәлон, Ҟәланырхәаҟа узго амҩала аӡиас Гәдоу иалалон.