https://sputnik-abkhazia.info/20231011/gdouati-akhyshtyra-atsryaa-eiashadyrgyloit-ashys-naana-1048554101.html
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа ацрыҵҳақәа еиҭашьақәдыргылоит ашықәс нҵәаанӡа
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа ацрыҵҳақәа еиҭашьақәдыргылоит ашықәс нҵәаанӡа
Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа ацрыҵҳақәа реиҭашьақәыргыларазы хә-миллион мааҭк азоужьуп Гәдоуҭа араион абиуџьет аҟынтәи. 11.10.2023, Sputnik Аҧсны
2023-10-11T09:55+0300
2023-10-11T09:55+0300
2023-10-11T10:16+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/16/1031148390_0:104:2000:1229_1920x0_80_0_0_b852a104a708bd32b679a7277aea74b8.jpg
АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа ацрыҵҳақәа реиҭашьақәыргылараз аусурақәа ашықәс анҵәамҭаз ихыркәшахоит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Гәдоуҭа араион асанитартә ҳақьым хада Инга Ҷанԥҳа. Ҷанԥҳа лажәақәа рыла, апроект мҩаԥнагоит асеиԥш аусурақәа ирызҟазоу шәачатәи аргыларатә еилахәырақәа руак. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа ацрыҵҳақәа реиҭашьақәыргыларазы хә-миллион мааҭк азоужьуп Гәдоуҭа араион абиуџьет аҟынтәи. Асанитартә ҳақьым хада иара убасгьы иазгәалҭеит арҭ ахархәагақәа аусура раларгара иалнаршоит ахәышәтәырҭа акорпус хадаҟынтәи аҿкчымазаратә ҟәшаҟынтәи инеиуа ацрыҵқәагьы ррыцқьара ҳәа. "Уи иахылаԥшраны иҟоу аусзуҩцәа иахәҭоу аҵара иахыжьтәуп. Анардадаҩ аргыларақәа рыҿҳәарақәа рзы хәдықәҵара ҟаиҵоит", - лҳәеит Ҷанԥҳа. Арҭ ахархәагақәа Аинвестпрограммала ахәышәтәырҭа анеиҭашьақәдыргыла ашьҭахь, 2016 шықәсазы русура хацыркын. Арыцқьаратә ргыламҭақәа ииашамкәа русура иахҟьаны ацрыҵқәа ахәышәтәырҭа иаԥну аҵакырахь иқәлон, Ҟәланырхәаҟа узго амҩала аӡиас Гәдоу иалалон.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/16/1031148390_112:0:1889:1333_1920x0_80_0_0_7d1416387055d10c5038d5db9b1681ad.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа ацрыҵҳақәа еиҭашьақәдыргылоит ашықәс нҵәаанӡа
09:55 11.10.2023 (ирҿыцуп: 10:16 11.10.2023) Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа ацрыҵҳақәа реиҭашьақәыргыларазы хә-миллион мааҭк азоужьуп Гәдоуҭа араион абиуџьет аҟынтәи.
АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа ацрыҵҳақәа реиҭашьақәыргылараз аусурақәа ашықәс анҵәамҭаз ихыркәшахоит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Гәдоуҭа араион асанитартә ҳақьым хада Инга Ҷанԥҳа.
"Аусурақәа ирылагеит. Еилаӡарала анардадаҩ ԥхынҷкәынмза алагамҭаз аусурақәа хиркәшароуп. Уажәы аҿкчымазаратә стационари акорпус хадеи рҟынтәи амҩангагақәа рышьҭаҵара иаҿуп. Анаҩс актәи аизакырҭахь икылыргоит, ахархәагақәа еидкыланы анапхгараҭаратә ҭыԥ шьақәдыргылоит", - ҳәа лҳәеит лара.
Ҷанԥҳа лажәақәа рыла, апроект мҩаԥнагоит асеиԥш аусурақәа ирызҟазоу шәачатәи аргыларатә еилахәырақәа руак.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа ацрыҵҳақәа реиҭашьақәыргыларазы хә-миллион мааҭк азоужьуп Гәдоуҭа араион абиуџьет аҟынтәи.
Асанитартә ҳақьым хада иара убасгьы иазгәалҭеит арҭ ахархәагақәа аусура раларгара иалнаршоит ахәышәтәырҭа акорпус хадаҟынтәи аҿкчымазаратә ҟәшаҟынтәи инеиуа ацрыҵқәагьы ррыцқьара ҳәа.
"Уи иахылаԥшраны иҟоу аусзуҩцәа иахәҭоу аҵара иахыжьтәуп. Анардадаҩ аргыларақәа рыҿҳәарақәа рзы хәдықәҵара ҟаиҵоит", - лҳәеит Ҷанԥҳа.
Арҭ ахархәагақәа Аинвестпрограммала ахәышәтәырҭа анеиҭашьақәдыргыла ашьҭахь, 2016 шықәсазы русура хацыркын. Арыцқьаратә ргыламҭақәа ииашамкәа русура иахҟьаны ацрыҵқәа ахәышәтәырҭа иаԥну аҵакырахь иқәлон, Ҟәланырхәаҟа узго амҩала аӡиас Гәдоу иалалон.