Аԥсны

Ашәаҳәаҩ Валери Маиромиан раԥхьаӡа акәны Аԥсны асолотә концерт мҩаԥигоит

Артист Валери Маиромиан иконцерт мҩаԥгахоит жьҭаара 13 асааҭ 19.00 рзы "Ruin-bar" аҿы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 12 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ашәаҳәаҩ Валери Маиромиан раԥхьаӡа акәны Аԥсны асолотә концерт мҩаԥигоит ахәаша, жьҭаара13 рзы.
Sputnik аинтервиу аҭо, артист иҳәеит Аԥсны аконцерт амҩаԥгара игәы иҭоижьҭеи акыр шыҵуаз, аха аҭыԥ алхра апроблема шацыз. Амузыкарҳәаҩ ицны иаауеит агитарарҳәаҩ, адиджеи, абжьыҟаҵаҩ. Иара ихаҭа афортепианино аҿы дыхәмарлоит.
Маиромиан иҳәеит иԥсадгьыл аҿы ақәгылара аҭакԥхықәра шизацу.

"Москва санықәгыло, ааигәа Гәыбаадәгьы сықәгылан, – азыӡырыҩцәа сыздырам. Ара – сыҩноуп. Исҭахуп еиҳа иналукааша, уаҩы ихамшҭуа акы амҩаԥгара. Убри азы иазҳархиеит иҷыдоу апрограмма. Зегьы ртәы ҳҳәарым, ара сықәгылара иахәаԥшырц иаауеит сан, саб, сыуацәа. Сан лакәзар, раԥхьаӡа акәны сконцерт дахәаԥшуеит", - иҳәеит иара.

Артист blizkey ҳәа ахьӡ ҷыда иманы дықәгылоит. Иара иажәақәа рыла, ари ажәа ианыԥшуеит иҟазара иамоу аҵакы, имузыка ахырхарҭа.
"Сара сгәаанагарала, смузыка ма иаразнакы бзиа иубоит ма уи уара иутәым ауп", - ҳәа азгәеиҭеит ашәаҳәаҩ.
Артист ирҿиара музыкатә стильк иадиԥхьаӡалом. Иашәақәа музыкатә ныҟәароуп ҳәа рхиҳәаауеит, иара убасгьы еилеиӡҩоит астильқәа.
Валери Маиромиан имузыкатә кариера хациркит апроект "Апсны Star" аҿы. Иара убасгьы далахәын амузыкатә реалити-шоу "Ермантәыла абжьы", афраншиза The Voice (ателеканал Armenia TV).
2022 шықәсазы Маиромиан дықәгылан Санкт-Петербург, амузыкатә фестиваль Stereoleto аҿы.
Аԥсны
Аԥснытәи ашәаҳәаҩ Валери Маиромиан афестиваль Stereoleto аҿы дықәгылеит