Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи ашәаҳәаҩ Валери Маиромиан афестиваль Stereoleto аҿы дықәгылеит

© Foto / Майро ТакойВалерий Майромян
Валерий Майромян - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи ашәаҳәаҩцәа злахәу есышықәсатәи амузыкатә фестиваль Stereoleto мҩаԥысит рашәара 12-13 рзы Санкт-Петербург.
АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи ашәаҳәаҩ Валери Маиромиан рашәара 12 рзы дықәгылеит амузыкатә фестиваль Stereoleto аҿы иальбом "Blizkey" иалоу ашәақәа нагӡаны. Абри атәы ашәаҳәаҩ еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аинтервиу анеиҭоз.
Артист иажәақәа рыла, иара аконцерт ахь ааԥхьара ирҭеит шықәсык аԥхьа иҭыҵыз ихатәы альбом иалаз ашәақәа афестиваль ашьаҭаркҩы Илиа Боротниук ианиаҳаз ашьҭахь.
Гагратәи ашәаҳәаҩ иазгәеиҭеит ари афестиваль аҿы иқәгылара егьырҭ рахьтә зегьы иреиӷьызшәа шибо.
"Сара даара ҭакԥхықәрала сазнеит афестиваль аҟны сықәгылара, избан акәзар сара еилыскаауан сара схаҭа сыхьӡ адагьы, Аԥсны зегьы, аԥснытәи аҿар рыхьӡ шцәырызгоз. Сара изласылшоз ала схы-сгәы оушьҭны, ашәарақәа схы рыцәыганы сықәгылараҟынтәи агәахәара соуртә еиԥш иҟасҵеит, избанзар еилыскаауан сшәар, сыԥхашьар, уи шысԥырхагахоз. Сара оумакала сгәы иахәеит адиректор хада дызлахәыз апресс-конференциахь ааԥхьара ахьсырҭаз, сара егьырҭ артистцәа срабадырит, наҟ-наҟ ашәақәа еицанаҳҵаразы иҟоу алшарақәа ҳрылацәажәеит. Ус баша исзымдыруаз ауаагьы ааины аҳамҭақәа сырҭон, уа аҵара зҵо аԥснытәи астудентцәагьы неины адгылара сырҭеит, уи сара сзы аҵак ду амоуп", - иҳәеит Маиромиан, иара убас иазгәеиҭеит азыӡырыҩцәа еиҳарак азҿлымҳара шаадырԥшуа иашәақәа ирылоу амилаҭтә мотивқәа рахь.
Маиромиан игәҭакқәа иреиуоуп Лужники имҩаԥгахо амузыкатә фестиваль аҽалархәреи Аԥсны альбом аӡыргареи.
Афестиваль Stereoleto Санкт-Петербург имҩаԥысуеит 2002 шықәса раахыс есышықәса. Сынтәа асценаҟны иқәгылеит Iowa, The Hatters, Shortparis, Super Collection Orchestra, Жанна Агузарова, Леонид Агутин, Наик Борзов.
Ажәабжьқәа зегьы
0