Аԥсны

2024 шықәсазы Гал араион абиуџьет аусзуҩцәа рулафахәы иацырҵоит

Монета номиналом 1 рубль и банкноты номиналом 2000 рублей и 5000 рублей.
Гал араион абиуџьет аусзуҩцәа уажәазы рулафахәы бжьаратәла 11-12 нызқьмааҭ ыҟоуп, 2024 шықәсазы рулафахәы 25 000 мааҭ рҟынӡа ишьҭыҵоит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 13 – Sputnik. 2024 шықәсазы Гал араион абиуџьет аусзуҩцәа рулафахәы 50% ишьҭырхуеит ҳәа иҳәеит арадио Sputnik адырраҭара "Главный четверг" аҟны араион ахада Константин Ԥлиа.
Иара иажәақәа рыла, аҳәынҭқарратә биуџьет иоунашьҭуиет 33 миллион мааҭ.
Аулафахәы шьҭырхуеит агәабзиарахьчара, акультура, аҵарадырра аусзуҩцәа рзы. Арахь иаҵанакуам Урыстәыла аԥарашәара ззыҟанаҵо арҵаҩцәа. Иара убасгьы ацҵатә шәара роуам араион ахадеи ихаҭыԥуааи, араионтә еизара ахадеи.