АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб "Аԥсны атәылауаа 2023 шықәса жьҭаарамза-ԥхынҷкәынмза рзы арратә уалԥшьа анагӡарахь ааԥхьара рыҭара азы" Ақәҵара инапы аҵаиҩит.
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анапы ианҵоуп арранаԥхьара анхыркәшахалак ашьҭахь 15 мшы рыҩнуҵҟа арратә уалԥшьа анагӡаразы анаԥхьара амҩаԥгара шалыршахаз азы Аминистрцәа реилазаарахь аинформациа нанашьҭырц.
Араионқәеи Аҟәа ақалақьи рхадарақәа ирыдҵоуп анаԥхьаратә комиссиақәа раԥҵара.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иаҭаԥхықәроуп арратә уалԥшьа анагӡара иацәхьаҵуа рыԥшаара иазку аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара.
Агәабзиарахьчара Аминистрра иаҭакԥхықәроуп арра ирго рмедицинатә гәаҭара амҩаԥгаразы анаԥхьаратә комиссиақәа реилазаарақәа рахь аҳақьымцәа-аспециалистцәа ралагалара.
Ақәҵара анагӡара ахылаԥшра Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иадҵоуп.
Аррамаҵзурахь инарыԥхьоит 18-27 шықәса зхыҵуа, ԥхьатәара иҟам Аԥсны атәылауаа.