Аԥсны

Барцыц: Аԥсны ахатәы аалыҵ амазароуп

Арадио Sputnik аинтервиу азҭоз Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәҳаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц иҳәеит ареспубликаҿы аекономикатә рбагақәа реиӷьтәразы иарбан усхкқәоу еиҳа ирҿиалатәу.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 13 – Sputnik. Аԥсны ихымԥадатәиуп ақыҭанхамҩа аҿиареи аалыҵ аусеиҭадулареи русхк аҟны хра злоу аполитика ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭоз Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәҳаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц.
Уи иалнаршоит афатәаалыҵтә шәарҭадара астандартқәа рышьҭыхра ҳәа иԥхьаӡоит Барцыц.
"Акурорт аамҭазы Аԥсны хыԥхьаӡара рацәала атуристцәа аднакылоит. Ари аграртә усхк, ақыҭанхамҩа аҿиара, аалыҵ аусеиҭадулара уҳәа рганахьала хра злоу аполитика ацаҳҵар, алҵшәақәа духон. Уи азы ҳара ҳхатәы аалыҵтә базақәа раԥҵара ҳҽазаҳшәароуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Барцыц иазгәеиҭеит Урыстәыла анаҩс Аԥсны аекономикатә партниор ҳәа усҟак аӡәгьы дыҟам ҳәа. Иара убас ауп ахәҳаахәҭра аганахьалагьы. Иара иажәақәа рыла, егьырҭ аџьармыкьақәа рахьгьы ацәырҵра мап ацәклатәым, аха аҭагылазаашьа иазхьаԥшлатәуп.
"Ҳара иаԥаҳҵароуп ҳхатәы милаҭтә лабораториа, ҳаалыҵ ахәшьара ахьаиулаша. Абри ашьҭахь Урыстәыла аџьармыкьахь ԥкрада ҳаалыҵ анашьҭра ҟалон. Абри ада ԥсыхәа ҳамам", - ҳәа иҳәеит иара.
Барцыц иазгәеиҭеит Аԥсни Ареспублика Беларуси рыбжьара аиныррақәа ишрылаго. Иара игәаанагарала, асеиԥш аусеицура шьақәгылар, Аԥсны ауааԥсыра рзы акыр хра аманы иҟалон.