Аԥсны

Гал ақалақь амш азгәарҭеит

Гал Аԥсны мрагылара ахәҭаҿы иҟоуп. Иара қалақьны ишьақәгылеит 91 шықәса раԥхьа, 1932 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Гал иаланхо ауааԥсыра иазгәарҭеит Ақалақь амш, абри атәы аанацҳауеит "ГалМедиа".
Аныҳәа иалагеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааиреи Ахьыԥшымреи аагара зхы ақәызҵаз рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵарала. Уи рхы аладырхәит аҭыԥантәи аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа.
Анаҩс, ақалақь ашҭаҟны жәлар рнапҟазара аџьармыкьатә фестиваль аартын. Афестиваль иалахәын араион анаплакҩцәа, ицәырган анапҟазара анаҩсгьы аԥсуа ичеџьика, сынтәатәи аҿа-маҿа. Ахәыҷы иниаркны аду иҟынӡа, изҭахыз зегь алшара рыман ргәы иақәшәоз анаплых аус адулара, ашәыри ашәырлыхи ргьама абара.
Ахәылбаҽха асааҭ 17:00 рзы иалагеит аныҳәатә концерт. Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылеит аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәа. Ауснагӡатә хыркәшан аныҳәатә салиут ала.