Аԥсны

Урыстәылаҟа амандарина раԥхьатәи ахәҭа дәықәҵоуп

2023 шықәсазы Аԥсны 30 000 тонна ацитрус аҽаҩра иазыԥшуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Аԥснынтәи Урыстәылаҟа быжь-нызқь тонна амандарина раԥхьатәи ахәҭа дәықәҵоуп ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазалхратә еилакы.

Аԥснытәи анаплакыҩцәа иара убасгьы Урыстәылаҟа ииаргахьеит тоннак аҟынӡа афеихоаи ҩбаҟа тонна алимони, зынӡа иааидкыланы жәа-тоннак еиҳаны ақыҭанхамҩа аалыҵ.

Уаанӡа, 2023 шықәсазы 30 000 тонна рҟынӡа аҽаҩра ҳазыԥшуп ҳәа иҳәахьан Sputnik аинтервиу азҭаз ақыҭанхамҩа аминистрра агроном хада Теваз Ачба.
Аҳазалхратә еилакы адыррақәа рыла, 2022 шықәсазы Аԥсны иалган 39 000 тонна ацитрус шәырқәа.
Аԥсны
Ақыҭанхамҩа аминистрраҟны сынтәа иззыԥшу аҽаҩра иалацәажәеит