Аԥсны

Зхьышьҭра змырӡыз: Ҳаади Лакрба иҳәеит сыԥсадгьыл сыԥхыӡ иалан ҳәа

Sputnik
Арадио Sputnik астудиаҿы адырраҭара "Зхьышьҭра змырӡыз" аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳрыҿцәажәоит зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа. Дара еиҭарҳәоит урҭ рабацәеи рабдуцәеи ирыԥсҭазаашьаз, рразҟы зыӡбоз ахҭысқәа шыҿиоз, иахьа уажәраанӡа рхылҵшьҭрақәа знысуа амҩа.
Ҳаади Лакрба Ҭырқәтәылантәи нхара ҳәа Аԥсныҟа дааит 2008 шықәсазы. Адырраҭара "Зхьышьҭра змырӡыз" аҟны ҳџьынџьуаҩ еиҭеиҳәеит иԥсадгьыл ахь иаара шыҟалази иахьа инапы злакуи ртәы.
"Сабдуцәа рқыҭа дара рхала идыргылеит, иахьатәи аамҭазы аиҳарак аԥсуаа роуп инхо", - иҳәеит Лакрба.
Шәахәаԥш Sputnik арадиостудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.