Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Амшын еиқәа аӡымҽхак иахыԥраауаз аԥырҩы дызҭам америкатәи ахархәагақәа азгәаҭан

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Урыстәыла аҳаиртә хыхьчара ахархәагақәа иазгәарҭеит Амшын еиқәа аӡымҽхак иахыԥраауаз, урыстәылатәи аҳәаа иазааигәахоз аԥырҩы дызҭам америкатәи ахархәагақәа. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

Урыстәыла Афедерациа аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларымгарц азы ишьҭыԥрааит Урыстәыла Атәылахьчара иатәу аҳаирпланшәарыца Су-27. Аԥырҩцәа иазгәарҭеит ЕАА Атәылахьчара иатәу аԥырҩы дызҭам ахархәага RQ-4B "Global Hawk"", - азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Су-27 аԥырҩы дызҭам ахархәага ианазааигәаха аҳәаа еиламгакәа игьежьны иԥрит.
Жәларбжьаратәи аԥҟарақәа инарықәыршәаны аӡымҽхак зыхьчо аҳаирпланшәарыца Су-27 аеродром ахь игьежьит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи арегионқәа ирыжәлаз аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа ҭархан