Аԥсны

Аԥсуа номерқәа зқәу амашьынақәа "Ԥсоу" аҳәаа рхысразы иҟаз аԥкрақәа аԥыхуп

Акомпиутертә система аусура аиԥҟьара иахҟьаны аԥсуа-аурыс ҳәааҿы амашьынақәа агәаран иқәгылан амҽышаҽны жьҭаара15 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсуа номерқәа зқәу амашьынақәа "Ԥсоу" аҳәаа рхысразы иҟаз аԥкрақәа аԥыхуп, абри атәы иҳәеит Аԥсны аҳазалхратә маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Зураб Ашәба.

"Атехника аусура аиԥҟьара иахҟьаны иҟаз ауадаҩрақәа аԥыхуп. Амашьынақәа дәықәлеит, агәаран еиҵахеит", - иҳәеит Ашәба.

Акомпиутертә система аусура аиԥҟьара иахҟьаны аԥсуа-аурыс ҳәааҿы аԥснытәи аномерқәа зқәыз амашьынақәа агәаран иқәгылан жьҭаара 15 аҽны асааҭ 13:00 раахыс.